Kies jou taal

Бзиала шәаабеит Гәдоуҭа араион аҵара аҟәша аилазаара апортал аҿы.

Ҳгәыӷуеит ишәыдаагало аинформациа аинтерес аҵаны ихәарҭаны ишәзыҟалап ҳәа. Аҵарадырратә усбарҭақәа рыкаҭа араион аҿы:

Зынӡа:

  • 29 школ 4268 аҵаҩцәа аҵара ахьырҵо, урҭ рахьтә ақалақь аҿы аҵара рҵоит – 2256-ҩык, ақыҭақәа рҿы – 2012-ҩык

  • 6 ашколқәранӡатәи аусбарҭақәа (ахәыҷ баҳчақәа), 603-ҩык ахәыҷқәа еидызкыло.

  • 2 аусбарҭақәа иназыцҵоу адырра арҳара иазку, 765-ҩык аҵаҩцәа еидызкыло.

  • ахәыҷтәы-қәыԥштә бҩарҵәыратә школ – 697-ҩык аҵаҩцәа

  • ашкол анҭыҵтәи ааӡаратә центр – 68-ҩык аҵаҩцәа

Ахықәкы хада –  аҵарадырра ҳаамҭа иақәшәо, аҩаӡара ҳаракны, уи аиура арманшәалара, урҭ зегьы иалдыршозароуп ахәыҷы имчхара хаҳарыла аарԥшра, иаԥхьаҟа ихы аус адуларазы аҭагалазаашьа бзиақәа изаԥҵара.

Аҵара аҟәша аусура азынархоуп арҵаҩцәа рымчхара аизырҳареи ашьақәырӷәӷәареи.